Мебониа еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС аремонт шымҩаԥысуа

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы. Аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. ЕгрыГЕС аусура иалагоит лаҵара 1-2 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа.

Аусуцәа ЕгрыГЕС атоннель акылҵәареи ацементркреи иалагеит

Иара иажәақәа рыла иахьазы аусурақәа 60 процент инагӡоуп, мшаԥымза анҵәамҭазы ихыркәшахоит.

Аремонт ахьцо атоннель адиаметр 9,5 метра иҟоуп, аура –15,5 километра. Мебониа иҳәеит ипроблемоу аҭыԥқәа зегьы рҿы хымз рыла аремонтҟаҵара шалымшо, убри азы еиҳа иуашәшәырҭо аҭыԥқәа рҿы аремонт шыҟарҵо, уи 2,5 километра шыҟало.

"Аусурақәа аӡцарҭақәа цементдыркуеит. Ацемент иаларыԥсоит ахимиатә маҭәашьар, ирласны изырӷәӷәо. Аӡыдкыларҭагьы аремонт азыҟаҳҵоит. Арматура иалху акаҭақәа абетон ала еибаҳаркуеит, аӡы анырра анамҭо ишьақәҳаргылоит", - иҳәоит иара.

Мебониа иажәақәа рыла аремонт анцоз иззыԥшымыз аҭагылазаашьақәагьы аҭыԥ рыман, аха урҭ аҿҳәара анырра арҭом.

"Уадаҩра дук рыҵамызт. Аплан маҷк ҳацәхьаҵыр акәхеит, аха аҭыԥ аҿы аӡбрақәа ҳадаҳкылеит. Германиеи Ҭырқәтәылеи рҟынтәи аконсультациатә еилахәыреи ҳареи еицыҳаӡбоит ҳусурақәа рымҩаԥысшьа", - иҳәоит иара.

Аремонттә усурақәа ирхықәкы хадоу иуашәшәыроу аҭыԥқәа аремонт рзуны авариа дуқәа рыҟалара алмыршароуп. Аусура иалахәуп 550-ҩык аусуцәа, анџьнырцәа, аоператорцәа, атехникцәа.

ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы, аремонт азура иалагеит амҽыша ашьыжь инаркны ажьырныҳәа 24 рзы.

ЕгрыГЕС атоннель аремонт азура иалагеит

Аԥхьанатә атоннель аремонт иалагараны иҟан 2021 шықәса жәабранмза агәазы. Ихыркәшахар акәын лаҵарамзазы.

Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.

Аусурақәа ирықәхарџьхоит 45 миллион евро.

ЕгрыГЕС заҵәык Ауп Аԥсны аҵакыра зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Иара ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Астанциа ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.