Астанциа маҷ "Аҟәа-1" ареконструкциа шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит анџьныр

2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны авариа ҟалеит. Ареконструкциа мҩаԥысуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны аремонттә усурақәа хыркәшахоит мшаԥымза анҵәамҭазы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Николаи Барановски.

Иара иажәақәа рыла, аусурақәа 80 процент рыла ихыркәшоуп. Иԥсахуп арцәага-аркыгақәа, атрансформаторқәа, аихшарҭатә шьақәгыла. Иԥсахуп иара убас арелеитә хьчага. Иароуп амцакрагьы зыхҟьаз. Барановски иҳәеит аремонттә усурақәа ишазԥхьагәарымҭо 50 мегаватт иҟоу атрансформатор амчреиҭакра.

Барановски иажәақәа рыла, аремонттә усурақәа дыруадаҩуеит астанциа аус ахьауа, акы ԥсахтәзар, алашара ахьырцәатәу.

Мебониа еиҭеиҳәеит ЕгрыГЕС аремонт шымҩаԥысуа

"Иаҳҳәап, атрансформатор ахәҭак ԥсахтәзар, алашара ырцәатәуп. Иҳалшо ҟаҳҵоит алашара ырцәаны акыр аамҭа иаанаҳмыжьырц азы. Уи адагьы, макьаназы хьҭоуп. Ауааԥсыра ԥхаррада, лашарада рааныжьра иашам", - иҳәоит иара.

Абарҭқәа рыдагьы аусуҩцәа рыбжьара акоронавирус змаз ыҟоуп, урҭ аусура изҭыҵуамызт.

Астанциа маҷ аҿы аусурақәа рыхәԥса 190 миллион мааҭ инаӡоит, 150 миллион – Урыстәылантәи иаагоу ахархәагақәа рыхәԥсоуп. Барановски иҳәоит иԥсаху амыругақәа 35-40 шықәса ԥкырада аус шыруа.