"Гәдоуҭатәи анефҭбаза" "Аҟәа-Банк" 50 миллион мааҭ инареиҳаны иазашәароуп

"Гәдоуҭатәи анефҭбаза" ауалԥхьаӡара инақәыршәаны "Аҟәа-Банк" иазнашәаша 90 миллион артәоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Акоммерциатә банк "Аҟәа-Банки" Аекономика аминистрреи рашшратә арзаҳал ахәҭакахьала инагӡоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны арбитражтә ӡбарҭа асаит. Аус иахәаԥшын хәажәкыра 19 рзы.

Аԥсны Абанк 40 миллион закәаншьаҭада "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит ҳәа иахарарҵо аҭак ҟанаҵеит

Арбитражтә ӡбарҭа иаартыз аӡбаратә еилатәараҿы иахәаԥшит аус №АС-51/2019 – акоммерциатә банк "Аҟәа-Банк" аҳәынҭнаплакы "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" ахь ахарџьқәа рхарҭәааразы инанашьҭыз азыҳәа. Ахарџь ҟаҵан ауал ареструктуризациаз аиқәшаҳаҭра ахьынанамыгӡаз азы. Аекономика аминистрра акоммерциатә банк "Аҟәа-Банки" аҳәынҭнаплакы "Гәдоуҭатәи анефҭбазеи" рганахьала аҭактә зыҳәа нанашьҭит акредиттә еиқәшаҳаҭрақәеи акредиттә еилаӡаразы ауал ареструктуризациазы аиқәшаҳаҭреи иашамызт ҳәа.

"Гәдоуҭатәи анефҭбаза" ауалԥхьаӡара инақәыршәаны 2021 шықәса хәажәкыра акы азтәи "Аҟәа-Банк"аҭахра 92 142 825 мааҭ 68 капеи артәоит.

Аӡбарҭа "Аҟәа-Банк" аҭахрақәа ирықәшаҳаҭхеит хә-кредиттә еилаӡарак рыла, х-кредиттә еилаӡарак иашам, имаҷӡоу еилаӡароуп ҳәа иашьеит.

Аӡбарҭа аԥхьатә зыҳәеи аҭактә зыҳәеи рыла аӡбара аднакылеит: "Аҟәа-Банк" азы "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" ауал 53 794 479 мааҭ ашәароуп ҳәа.

Иара уи адагьы аӡбарҭа "Гәдоуҭатәи анефҭбаза" амазаратә комплекс ашасра ааннакылеит, ашасразы 2015 шықәсатәи аҭаҩрақәа ржурнал аҿы аҭаҩратә ҩыра аԥнахит.