Аԥсны атәылауаҩ закәаншьаҭада амаининг-хархәага Урыстәыла алагалара иҽазишәеит

Аԥсны рашәара 1 аҟынӡа акриптовалиута арҳаразы аусурақәа рзин ыҟам, аамҭала иаанкылоуп амаининг-хархәагақәа ралагаларагьы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ закәаншьаҭада амаининг-хархәага Урыстәыла аҵакырахь алагалара иҽазишәон ҳәа аанацҳаит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

1992 шықәсазы ииз ахаҵа даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы. Аԥснынтә инеиуаз автомашьына BMW-525 агәаҭараан аҵәахырҭа ҭыԥ адбалан. Ашьҭахьтәи апассаџьыртә ҭыԥ аҿы аметалл иалхыз акоробкақәа жәеиза ԥшаан.

Агәызҩара ыҟоуп ашьақәгыла акриптовалиута арҳара иазырхоуп ҳәа. Атауар документк ацмызт. Убри аан ахаҵа иҳәон ашәҟәы иҭагалатәу атауар шимам.

Аԥсны атәылауаҩ закәаншьаҭада амаининг-хархәага Урыстәыла алагалара иҽазишәеит

Мышқәак раԥхьа аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз автомашьына MAZDA. Ашьҭахьтәи апассаџьыртә тәарҭаҿы амҩатә шәыра иҭан ацеллофан илаҳәаз 13 хеш-платақәа архьшәашәагатә радиаторқәа рыцны.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Хьециа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусура иазкны

Атауар згоз имхын. Аекспертизахь инашьҭын. Аекспертиза алкаақәа рыла иӡбахоит административтә зинеилагаразы ҳәа аус хацыркхо ихацмыркхо.

Уаанӡа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа арадио Sputnik аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииагоуп 10 000 инареиҳаны крипто-аппарат ҳәа.

Убри аан иара иазгәеиҭеит ахархәагақәа аҳәаа рахыгаразы ишахәҭоу аҳазалхратә декларациа ахарҭәаара, аҳазалхратә пост аиҳабы ихьӡала арзаҳал аҩра, аԥхьаӡара-фактура амазаара.

Иара убасгьы ишәатәуп атауар ахәԥсаҟынтәи 0,1 процент аҳазалхратә еизга.