"Абылра ӷәӷәақәа ныҟаз ацаҟьаҿы изызҳауаз ашыц уҳәа аҵиаақәа блит, уи ашьҭахь ахаҳәқәа рацәаны икаԥсо иалагеит. Жәа-километрак амҩа ашәарҭара ацуп. Ҳара излаҳалшо ала ацаҟьаҿы иҟоу ахаҳә дуқәа ықәаҳгоит, ашәарҭара зцу аҵлақәа хаҳҵәоит. Ари аҭыԥ еснагь ҳалаԥш ахуп, аҷаԥшьаҩцәа уахынлагьы-ҽынлагьы ибжьоуп, аха машьынала ииасуа еснагь игәиҽанызароуп. Ацаҟьа каҭала ихҟьатәуп иара ишәарҭоу аҭыԥ аҿы еиҵыхны иқәырҵоит, идырӷәӷәоит, уи ахаҳәқәа ааннакылартә еиԥш. Маи азы иаараны иҟоуп аспециалистцәа, иара аҭыԥ дҳарбарцаз, уи акаҭа аҟаҵаразы ҳаицәажәартә еиԥш. Сгәаанагарала ари амҩа ацыԥҵәахаҿы иҟоу ауадаҩра аԥыхразы иаҭахуп имаҷымкәа аԥара, апроект Аинвестпрограммала инагӡахозҭгьы иаҳа еиӷьхон", - еиҭеиҳәеит Хагәышь.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.