Шәача адгьыл ҳәазаны анхарҭаҩны иагәыдлеит

Ахҭыс ҟалеит Шәача хәажәкыра 23 рзы Шәача. Адгьылҳәазара иааҟәымҵӡакәа илеиуа ақәа иахҟьеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Ақәоураӷәӷәа иахҟьеит адгьылҳәазар. Иҳәазаз адгьыл Шәача, Пластунскаиа амҩаҿы игылоу аҩнқәа руак иадгылеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, ақалақь араион хада аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Роман Ахметов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Шәача адгьылҳәазара иахҟьаны амҩаду аҿы ареверс ала аныҟәара алагалоуп

Аҟазауаа аҭыԥ ахь инеит хәажәкыра 23 ауха. Иаашаанӡа ара иҷаԥшьон МКУ "Служба спасения города Сочи" аҟазауаа.

"Ипроблеманы иҟоу – адгьыл актәи аихагыла ауадақәа ирываӷәӷәо иалагеит. Аҭыԥ ахь инеиз аҟазауаа уа инхо ауаа ирабжьыргеит аамҭалатәи анхарҭақәа рахь ииасырц. Дара мап ркит, ирҳәеит иахьынхаша шрымоу", - ҳәа иҳәеит Ахметов.

Иара иажәақәа рыла аҩнаҿы инхоит шәҩык, 38 уада амоуп.

"Уахынлагьы иазгәаҭан адгьыл аиҭаҵра. Аха уи рацәак ибаргәымызт. Амш цәгьанаҵы атехника аагара иаԥсаӡам. Ҵаҟа иҟоу ақәхра уалагар хыхьтәи аҿысҭақәа еиҭаҵыр ауеит", - ҳәа иҳәеит Ахметов.

Аусурақәа ирылагоит амш шышьақәгылалак.

Уаанӡа, хәажәкыра 22, 2020 шықәсазы автомашьынатә федералтә мҩа А–147 Џьубга – Шәача – Аԥсны аҳәаа (157 км + 500 – 158 км +500) Лазаревтәи араион аҿы адгьыл ҳәазаны амҩаду ахәҭак ықәнагеит, арӷәӷәага ҭыӡқәа ҵнашәааит, амҩа ахаҭа иақәыз акаҭран ахнаҳәеит ҳәа аанацҳахьан амҩақәа рхылаԥшра афедералтә усбарҭа "Черноморье" апресс-маҵзура.