00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
On air
18:46
14 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Еицырдыруа ахьӡқәа: хҩык аԥсуа композиторцәа риубилеитә концерт аԥшьгоуп
13:15
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Апроект "Аиҩызара ацҳа": изызку еилаҳкаауеит
13:45
3 мин
Аиҿцәажәара
Очамчыратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкола аусушьа еилаҳкаауеит: аиҳабы иҿцәажәара
13:48
11 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Взаимный интерес
Культурный диалог: Агрба и Цкуа об участии в "Евразия-Кинофесте"
14:18
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
Парламент Абхазии глазами граждан: итоги социологического исследования
14:44
11 мин
Дополнительное время
Железный хват: как прошел Кубок Абхазии по армреслингу
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Культурный диалог: Агрба и Цкуа об участии в "Евразия-Кинофесте"
18:49
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Адгьылҳәазара Шәача Афедералтә мҩа ахәҭак аԥхасҭа анаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУкладка дорожного полотна
Укладка дорожного полотна   - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Адгьылҳәазара ахьыҟалаз Афедералтә мҩа ахәҭа ахыкәшарҭа амаӡам, ара аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалахоит.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik. Шәача Афедералтә мҩа А-147 амҩахәҭала аныҟәара залшом адгьылҳәазара иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Амҩақәа рхылаԥшра афедералтә усбарҭа "Черноморье" апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.

"Хәажәкыра 22, 2020 шықәсазы автомашьынатә федералтә мҩа А–147 Џьубга – Шәача – Аԥсны аҳәаа (157 км + 500 – 158 км +500) Лазаревтәи араион аҿы адгьыл ҳәазаны амҩаду ахәҭак ықәнагеит, арӷәӷәага ҭыӡқәа ҵнашәааит, амҩа ахаҭа иақәыз акаҭран ахнаҳәеит", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Аҭыԥ аҿы амашьынақәа рыццакыра 20 км иеиҳамтәкәа рныҟәара алдыршеит. Аҭыԥ аҿы аус руеит аҟазауаа, уахь инагоуп атехника. Адгьыл аҳәазара ахымҩаԥгашьа ҭырҵаауеит аҟазауаа, амҩа аиҭашьақәыргылараз ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

"Афедералтә мҩа ахәҭа ари аҭыԥ аҿы ахыкәшарҭа амам. Афедералтә автомҩақәа реилахәыра "Черноморье" анапхгара аҭагылазаашьа ҷыда аларгалоит. Иара амҩа Шәачатәи амилаҭтә парк адгьылқәа ирыҵаркуеит. Апарк анапхгареи аусбарҭеи аконсультациақәа мҩаԥыргоит. Иаԥҵоуп аусбарҭабжьаратә комиссиа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, аҭагылазашьа хылаԥшра аиҭоит Шәача ахада Алексеи Копаигородски.

Ажәабжьқәа зегьы
0