Аконтрабанда мҩанызгоз амашьына аҳәааҿы иааныркылеит

1600 пачка асигарет, автомашьынаҿы иҭаҵәахны ииаргоз рыԥшааит амаҵзуратә ла ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аҳазалхырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхратәии аҳәаахьчаратәии гәаҭарақәа раан иаанкылан автомашьына "Мерседес-Бенц E200", Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амҩа иқәыз. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Амаҵзуратә ла Дана ацхыраарала аҟазауаҩ-кинолог амашьына ангәеиҭоз иԥшааит атранспорттә хархәагаҿы изакәанмыз атауар.

Инарҭбааз аԥшаараан еилкаахеит "Мерседес" аҭаҭын ҭаҵәахырҭа шамаз. Ашьҭахьтәи атәарҭа анҭырх уа иаарԥшын алиук-ҭаԥҟа. Уи анаҩс иаарԥшын абак. Абылтәыҭаҭәарҭа бак аҿы иҵәахын аконтрабанда – аҭаҭын аалыҵ. Абак егьи ахәҭахьала абылтәыҭаҭәарҭала еиҿкаан. Аҩбатәи аҵәахырҭа абагаж аҿы иҭаҟаҵан.

Аконтрабанда мҩанызгоз амашьына аҳәааҿы иааныркылеит

Агазтә баллон ахь алаԥш аҟәыгазарц аредуктор ала ашлангқәа ҩба нашьҭын. Ашлангқәа амхны аредуктор анахырх, ирбеит иҵәахыз аҭаҭын ҭоԥқәа.

Иаарԥшыз аконтрабанда 120 ҭоԥи 395 пачкеи аԥснытәи акцизқәа рықәын: "CAVALLOSYNS", "CAVALLOSUPERSLIM". Дара зегьы азауадтә еилаҳәарала еиҿкаан. Амашьына аԥсҟы зкыз Калининград ақалақь датәын. Иара иҳәеит аҭаҭын аалыҵ Аԥсны ишааихәаз Урыстәыла аҭиразы.

Аконтрабанда мҩанызгоз амашьына аҳәааҿы иааныркылеит

Атауари автомашьынеи изтәыз имхын, аҭҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭын. Абри аус аганахь ала  Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 16.3; ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инарықәыршәаны аусҭҵаара хацыркуп.