Аслан Бжьаниа ашьапылампылтә клуб "Зенит" анапхгара идикылеит

Мчыбжьык ҵуеит Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеит ашьапылампылтә клуб "Зенит" ахәыҷы-қәыԥштә Академиа ааӡамҭацәа рҽазыҟаҵарақәа. Уаҵәы имҩаԥысраны иҟоуп Аҟәеи Афон ҿыци рҿы аклуб афилиалқәа раартра ацеремониа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашьапылампылтә клуб "Зенит" аделегациа, зхадараҿы аклуб адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Елена Илиухина дыҟоу, идикылеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Ашьапылампылтә клуб "Зенит" афилиалқәа аадыртуеит Аԥсны ақалақьқәа ҩба рҿы

Аделегациа иалахәуп: "Зенит" адиректор хада Александр Медведев, ихаҭыԥуаҩ Максим Погорелов, азыҟаҵаҩцәа рҟазара ацҵарҭа ацентр адиректор Сергеи Морозов.

Аслан Бжьаниа "Зенит" анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа ҿарацәа рааӡара аџьабаа ахьадырбало азы.

"Аус ду ҟашәҵоит, ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит", - иҳәеит ахада.

Асасцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рыҭан.

Аиԥылараҿы иалацәажәан ареспубликаҿы ашьапылампыл аҿиара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: