Арадио

Шубекиа еиҭеиҳәеит Аԥсны аминақәа рзы ашәарҭара ахьыҟоу аҭыԥқәа

Аџьаԥҳаны, еиуеиԥшым аԥжәагақәа ауаа ԥырхага рынамҭаразы аус рыдызуло Оҭар Шубекиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҵаҵаз аминақәа рзы иахьа ашәарҭара ахьынӡыҟоу атәы.
Sputnik
Шубекиа еиҭеиҳәеит Аԥсны аминақәа рзы ашәарҭара ахьыҟоу аҭыԥқәа

"…Аҳбиук, Цугуровка аҳаракырақәа рҟны зегьынџьара хәҭа-хәҭала аус ҳуан аԥжәагақәа ыҟоуп ҳәа иахьаҳдырбоз, ҳара ҳгәы иахьаанагоз. Аха иҟоуп иҵегьы аҭыԥқәа иахьаҳамрыцқьац. Уажәы аминақәа зегьы нҵәеит ҳәа аҳәара цәгьоуп Цугуровка ахырхарҭахь, Очамчыратәи аган", - иҳәеит Шубекиа.

Иара иазгәеиҭеит аҟазацәа аус ахьыруаз аԥжәагақәа џьара иаанхеит ҳәа шимаҳац, ус еиԥш амашәыр зцыз ахҭысқәа ыҟамызт ҳәа.

"Ҳара иахьаҳрыцқьаз изаанымхо (аминақәа рзы – аред.), урҭ зрыцқьо ихала иакәӡам аҭыԥ иахысуа, иара ишьҭахь ҩынтә-хынтә игәарҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Шубекиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: