АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи агранатаршәга РПГ-7 ахысга рбеит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан, амшын аԥшаҳәаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
© Foto / МЧС Абхазии Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит
Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит
© Foto / МЧС Абхазии
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра асапиорцәа иаарԥшыз арԥжәагақәа аҭыԥ аҿы еиҵырхит.
Жәабран 12 рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭаҿгьы иԥшаан 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи агранатаршәга РПГ-7 ахысга. Аҭыԥ ахь инеиз Аԥсны АҶА асапиорцәа иаарԥшыз арԥжәагақәа аҭыԥ аҿы еиҵырхит.
© Foto / МЧС Абхазии Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит
Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит
© Foto / МЧС Абхазии
1992 - 1993 шықәсқәа рзы Аԥсны ицоз аибашьра ашьҭахь атәыла аҵакыраҿы иаанхеит абџьари аџьаԥҳани рацәаны. Иахьа уажәраанӡагьы ана-ара иуԥылоит иԥымжәакәа иаанханы иҟоу аџьаԥҳаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Маркәыла ақыҭан агранатаршәга ахысга рыԥшааит