Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа мшаԥымзазы ахархәарахь ирырҭоит

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа 2017 шықәса рзы Аинвистициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26– Sputnik. Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа мшаԥымзазы ахархәарахь ирырҭоит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор Руслан Тәанба.

Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа акорпус хада ҩымчыбжь рыла аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит

"Иацы аобиект даҭааны илбеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Ахәышәтәырҭатә комплекс ахь иаҵанакуеит акрыфарҭа, ацхыраара ласы, аморг, агаражқәа. Зегь ааидкыланы мшаԥымза нҵәаанӡа ахархәара иазырхиахоит", - иҳәеит иара.

Тәанба иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭа ахаҭабзиаратә стандарт ҳаракқәа ирықәшәо ишыҟоу, акомплекс ахыбра жә-баллк иҟоу адгьылҵысра ачҳартә ишышьақәыргылоу.

"Аҩныҵҟатә усурақәа мҩаԥысуеит. Аҿҳәарақәа ҳархымԥартә аус аауеит. Аобиект дууп. Аусурақәагьы маҷым", - иҳәоит Руслан Тәанба.

Уи адагьы уажәы уахь анагара иаҿуп амедицинатә хархәагақәа, урҭ рықәыргылара 10-15 мшы аҭаххоит.

2020 шықәса нанҳәазы арахь днеины дыҟан аинспекциаҟаҵаразы Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Михаил Бабич. Усҟан аҭагылазаашьа иаҿырԥшны аргылара аԥаразоужьра алимит иацҵан. Уи ишьақәнартәеит 258 миллион мааҭ.

Ахәышәтәырҭа 80 иара акуеит, Тҟәарчал араиони ааигәа-сигәатәи ақыҭақәеи руааԥсыра рымаҵ ауа иҟалоит.