Аԥсуа қәԥаҩы Даниель Џьопуа Европа ачемпионат ахь имҩа аатит

Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла аԥхьахәгара мҩаԥысуеит Владикавказ хәажәкыра 26 инаркны 29 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Даниель Џьопуа араӡны даиааит 18 шықәса зхыҵуа рыбжьара Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла аԥхьахәгараҿы, убри алагьы Европатәи ачемпионат ахь имҩа ааиртит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы.

Аԥснытәи ақәԥаҩ Даниель Џьопуа Москватәи аобласт аҿы аиааира игеит

Афинал аҟны аԥсуа спортсмен диԥылеит Нхыҵ Уаԥстәылатәи аспортсмен Сослан Џьагаев, 110 килограмм рҟынӡа акапантә категориаҟны.

Џьопуа иҽазыҟаиҵоит ЦСК аспорттә еиқәԥара аклуб аҟны атренер Ислам Калаев инапаҵаҟа. Иара убас иара Манучар Бешириши иааӡамҭа иоуп.

Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла аԥхьахәгара мҩаԥысуеит Владикавказ хәажәкыра 26 инаркны 29 рҟынӡа. Уи иалахәуп Урыстәыла 40 субиект рҟынтәи иреиӷьӡоу аспортсменцәа 300-ҩык инареиҳаны. Даниель Џьопуа дықәгылон Москватәи аобласт ахьӡала.