Амина Аншԥҳа Аргентина ҩыџьа-ҩыџьалатәи аԥкьаҭымпылтә турнир аҿы аиааира лгеит

Аҵыхәтәантәи аматч аҿы Амина Аншԥҳаи Панна Удвардии ҩ-сетк рҟны изындаҭлоз ириааит 7:5, 6:2 ҳәа, уи иабзоураны дара атурнир аҟны актәи аҭыԥ ааныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Аԥсуа ԥкьаҭасҩы Амина Аншԥҳаи Панно Угвардии рыҩџьагьы командак еицаланы аиааира ршеит атурнир ITF W25 аҟны Аргентина аҳҭнықалақь Буенос-Аирес аҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы.

Афинал аҿы Амина Аншԥҳаи Панна Удвардии ҩ-сетк рҟны изындаҭлоз ириааит 7:5, 6:2 ҳәа.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы раԥхьатәи аԥсуа спортсменка лакәхеит ақәыԥшцәа рыбжьара атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду) ирылахәхаз. Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аԥсуа ԥкьаҭасҩы Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә ассоциациа (ITF) атурнир аҟны аиааира лгеит. Уи лкариераҟны ахәбатәи иааира дууп.