Арадио

Сангәлиаԥҳа аԥсуа чарауразы: аԥсуара иацәыхароу аҟазшьақәа шьҭаҳкаауа ҳалагеит

Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Елисо Сангәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеилҳәеит аԥсуа чарақәа гәыцәс ирымоу, насгьы урҭ ирыҵаркуа акәамаҵамарақәа ртәы.
Sputnik
Сангәлиаԥҳа аԥсуа чарауразы: аԥсуара иацәыхароу аҟазшьақәа шьҭаҳкаауа ҳалагеит

"Ачараура етап-етапла аҽаԥсахуеит, аамҭа иара иақәнамго алныршәшәаауеит, аха уажәы ҳара ҳаԥсуара иацәыхароу аҟазшьақәа шьҭаҳкаауа ҳалагеит. Ажәытә аҭаца данааргоз, иара аҭаца лҳәара амҩа ианықәлоз инаркны амаҳәгьы аҭацагьы рҽыԥхьаркуан. Аиҳабацәа рыбла ихгыломызт. Урҭ ақьабзқәа, аныҳәарақәа мҩаԥганы ицәырыргон. Аргама данааргоз аҭаца амаҳә уахь зынӡагьы дрыццаӡомызт. Амаҳәи аҭацеи еивагылан ашҭа иҭаломызт. Аԥсуара анаҳҳәо иахьа зегь раԥхьа рхахьы иааиуа ауаа аԥсуа маҭәа ашәҵароуп. Аԥсуа маҭәа анушәуҵа, ишақәнаго ахымҩаԥгашьагьы уақәшәароуп", - ҳәа азгәалҭеит Сангәлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: