Акамшьиа сынтәа ԥшьынтә рыла еиҵаны иркит Аԥсны амшынӡқәа иахьрыҵаркуа

Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылахьан 2020-2021 шықәса ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаан акамшьиа акра ахышәаҵышәа 42 000 тонна иҟалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаан 10 нызқьи 433 тонна акамшьиа ауп иркыз ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аԥсыӡкра аҟәша аиҳабы Давид Гадлиа.

Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит аԥсыӡкраамҭаан акамшьиа акра ахышәаҵышәа

Гадлиа иҳәеит абиуџьет ахь ишнеииз 12,5 миллион мааҭ, еиҭахгьы 6,5 миллион мааҭ рнеира ишазыԥшу.

"42 000 тоона рыквота акамшьиа аус адызуло, аԥсыӡ шыла, аԥсыӡ хәша ҟазҵо азауадқәа ааба ирзеихаҳшеит. Арҭ арбагақәа даара илаҟәуп, избанзар сынтәа Аԥсны иахьаҵанакуаз акамшьиа даара имаҷын", - иҳәеит иара.

72 миллион мааҭ иреиҵамкәа абиуџьет иҭалап ҳәа иазыԥшын, аха аԥсыӡааглыхратә наплакқәа сынтәа акгьы рхашәало изыҟалом.

"Аханатә аӡсыӡ аап ҳәа иԥшын, аха имааит. Аԥсабара ҳара анырра ҳзаҭом", - иҳәеит аҟазауаҩ.

Аԥсыӡ зкуа аҭырқәа ӷбақәа роуп, зауад-цыԥхьаӡа ҩба-ҩба ӷба адҵан.

"Аԥсыӡкра амҩаԥысшьа хылаԥшра анаҭоит аекологиаз Аҳәынҭеилакы. Уа еиҿкаауп ахылаԥшра зуа аԥсыӡкратә штаб", -  иҳәоит Гадлиа.

Аԥсыӡкраамҭа аартын ԥхынҷкәын 18 2020 шықәсазы, ихыркәшахоит хәажәкыра 31, 2021 шықәсазы.