Арадио

Џьергьениа еиҭеиҳәеит Риҵа аҭааҩцәа рыдкылара рыҽшазыҟарҵо атәы

Риҵатәи ареликттә Амилаҭтә парк абнахылаԥшҩы еиҳабы Ҭенгиз Џьергьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥхын аамҭа рыҽшазыҟарҵо атәы.
Sputnik
Џьергьениа еиҭеиҳәеит Риҵа аҭааҩцәа рыдкылара рыҽшазыҟарҵо атәы

"Акоммуналтә нхамҩаҟны аус зуеи аинспекторцәеи еилахәны аҵыҭәа иаганы иҟоу амҩа аҿықәқәа дрыцқьоит агәаҭаратә ҭыԥ ахьыҟоу а-14-тәи акилометр инаркны аӡиа Риҵаҟны амашьынаргыларҭа ахьыҟоу 44-тәи акилометр аҟынӡа. Урҭ амҩаҟны иҟоу аҭыӡқәа рыцқьаны, иӡәӡәаны, ишахәҭоу иршәоит. Уи анаҩсгьы амҩа ҩбаҟа метра инахыкны, ауаа ииасуа аӡиасқәа, аԥсабара рбаратәы ачықьқәа хаҳҵәоит, иҳарԥшӡап ҳәа ауп", - иҳәеит Џьергьениа.

Лаҵарамза акынӡа аусурақәа зегьы хыркәшахоит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: