Џьергьениа еиҭеиҳәеит Риҵа аҭааҩцәа рыдкылара рышҽазыҟарҵо атәы
"Акоммуналтә нхамҩаҟны аус зуеи аинспекторцәеи еилахәны аҵыҭәа иаганы иҟоу амҩа аҿықәқәа дрыцқьоит агәаҭаратә ҭыԥ ахьыҟоу а-14-тәи акилометр инаркны аӡиа Риҵаҟны амашьынаргыларҭа ахьыҟоу 44-тәи акилометр аҟынӡа. Урҭ амҩаҟны иҟоу аҭыӡқәа рыцқьаны, иӡәӡәаны, ишахәҭоу иршәоит. Уи анаҩсгьы амҩа ҩбаҟа метра инахыкны, ауаа ииасуа аӡиасқәа, аԥсабара рбаратәы ачықьқәа хаҳҵәоит, иҳарԥшӡап ҳәа ауп", - иҳәеит Џьергьениа.
Лаҵарамза акынӡа аусурақәа зегьы хыркәшахоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Атуроператорцәа еиҭарҳәеит сынтәатәи аԥхынразы Аԥсны аԥсшьара заҟа иаԥсахо
-
Аԥсны 2021 шықәсазы миллионҩык инареиҳаны аԥсшьацәа ирзыԥшуп