370 миллион мааҭ инеиҳаны акоронавирус иақәдырӡит Аԥсны шықәсык аҩныҵҟа

Зегь раасҭа аԥара ақәхарџьын Гәдоуҭатәи аковид-центр, аныхратә материалқәа, амедицинатә хархәагақәа, аҳақьымцәа рзы аԥарацҵа ашәара уҳәа рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 370 миллион мааҭ инеиҳаны акоронавирус иақәдырӡит Аԥсны шықәсык аҩныҵҟа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны афинансқәа рминистрраҟны.

Аԥсны акоронавирус иаҿагылан иқәԥоз амедусзуҩцәа ԥсшьара ирышьҭуеит

"Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкыра рыламырҵәаразы 2020 шықәса хәажәкыра 26 инаркны 2021 шықәса хәажәкыра 26 рҟынӡа иныхуп 375 386 745 мааҭ", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиҳарак ахарџьқәа зыхҭынҵаз аныхратә материалқәеи амедицинатә хархәагақәеи роуп.

Абри аус иахҭынҵан 225 миллион 700 нызқьмааҭ. Урҭ рҟынтәи:

  • Иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппарат– 29 миллион мааҭ;
  • Еиҭаҵуа арентгенодиагностикатә цифратә шьақәгылақәа –16 миллион мааҭ инеиҳаны;
  • "Амедицинатә инструментари, аинвентар, ахархәагақәа" –28 миллион 300 нызқьмааҭ инареиҳаны;
  • ПЦР-линиақәа ҩба SARS-cov-2 адиагностиказы– 11,5 миллион мааҭ;
  • Ахәшәқәа, ахыхьчагақәа, аныхратә материал –140 миллион 700 нызқь мааҭ;
  • Авирус иаҿагыланы ақәԥара иалахәыз амедусзуҩцәа ршәарацҵа –67 миллион мааҭ.

Гәдоуҭатәи ковид-центр аусура иақәхарџьын 58 миллион 700 нызқь мааҭ, акомпиутертә томограф аахәара, апациентцәа рыкрыфара, аныхга материал аахәара абрахь иналаҵаны.

ПЦР-лабораториа Очамчыра аиҿкаара иагеит 2 миллионки 350 нызқь мааҭ.

6 миллионки бжаки ақәхарџьын амедицинатә ҵәыҵәри анагареи ашьақәыргылареи. 14 миллиони 900 нызқь мааҭ – акарантин иҟаз атәылауаа рынхарҭазы.