Акоронавирус злаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 232-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 13-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30– Sputnik. Хәажәкыра 30 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа ҿыци ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи ззышьақәыргылаз, 1960 шықәса рзы ииз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13398-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12860-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 213-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>