Озган Афон ҿыц адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы анапынҵа ҟалҵеит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ииасыз амчыбжь азы Афон ҿыц, Ҷанба имҩаҿы Аргәынаа рыҩны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа иҟалаз адгьылҳәазара днеины илбеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны акапиталтә ргылара Аекономика аминистррахь хәажәкыра 31 рҟынӡа инанашьҭыроуп ажәалагалақәа адгьылҳәазара ахҟьақәа раԥыхразы апроекттә усурақәа ркомплекс аганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Бедиа ду ақыҭаҿы ацҳаи уакәшаны узланеиуа амҩеи ҟарҵараны иҟоуп

Абри аҩыза аексперттә гәаанагара рҳәеит Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысыз аилацәажәараҿы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Акапиталтә ргылараз аусбарҭа, Адгьылхархәареи акадастри рзы аусбарҭа, анџьныр-ԥшааратә еилахәыра "ЭкоГеоПроект" рхаҭарнакцәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган анапынҵа ҟалҵеит Анхәа ақыҭахь ихало амҩаҿ арӷәӷәагақәа рзы апроект аздырхиарц.

Акапиталтә ргылараз аусбарҭа алкаақәа рыла адгьыл аиҭаҵра иалагеит ииасыз ашықәс, хәажәкырамзазы. Ари аҭыԥ аҿы аӡы адгьыл ҿнаӡәӡәаауеит.

Аҟазауаа ирҳәеит аӡымҩахгагатә система апроект шазырхиатәу.