Аҟәа амцарцәаратә гидрантқәа жәаба ықәдыргылеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба идҵала Аԥсны аҳҭнықалақь азы иаахәаны иқәыргылахоит даҽа 12 гидрант.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аҟәа амцарцәаратә гидрантқәа жәаба ықәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Аҟәатәи амҩақәа хԥа рҿы ақәаршыҩцарҭақәа ашықәс актәи азыбжазы ирыԥсахуеит

Аусурақәамҩаԥысуан Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь Гәлиа, Џьонуа, Абазақәа рымҩақәа рҿы ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны АҶА аҿы иазгәарҭеит ақалақь аҿы амцакрақәа ҟалар, ари рус акыр ишарманшәало.

Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа агидрант ҿыцқәа гәарҭеит, ишьақәыргылоу анормақәа иахьынӡарықәшәо рбеит, уи аганахьала рхатәы лкаақәа ҟарҵеит ҳәа аҳәоит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Рашәарамза нҵәаанӡа Гәлиа, Џьонуа, Абазақәа рымҩақәа рҿы ақәаршыҩцарҭақәа ҟаҵахоит Аинвестпрограмма аԥаразоужьрала.