Мшаԥы 1 азы Аԥсны араионқәак лашарада иаанхоит

Аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара азԥхьагәаҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Мшаԥы 1 азы Аԥсны араионқәак апрофилактикатә усурақәа рымҩаԥгара инадҳәаланы лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Асааҭ 05:30 - 07:30 рзы алашара дырцәоит аҳауатә цәаҳәа "Бзыԥ" аҟны хәҭак аԥсахразы. Лашарада иаанхоит Гәдоуҭа араион, Аҟәа ақалақь, Аҟәа араион, астанциа маҷ "Аҟәа-220" аҟынтәи астанциа маҷ "Ҵабал" аҟынтәи алашара зауа Гәылрыԥшь араион ахәҭак, астанциа маҷқәа "Пицундеи" "Алаҳаӡи" рҟынтәи алашара зауа Гагра араион ахәҭак.

Асааҭ 10:00 - 11:00 рзы лашарада иаанхоит астанциа маҷ "Гәдоуҭа-110" аҟынтәи алашара зауа ауааԥсыра.

Иара убасгьы аремонт-профилактикатә усурақәа ирыхҟьаны алашара роуам астанциа маҷ "Дәрыԥшь" (11:00 - 12:00), астанциа маҷ "Мҵара" (11:00 - 15:00) рҟынтәи алашара зауа ауааԥсыра.