Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы аԥсабаратә мцакрақәа дырцәеит

Аԥсны АҶА аҿы иазгәарҭоит аԥсабаратә мцакрақәа мзызс ирымоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. 11 гектар зҵазкуаз аԥсабаратә мцакрақәа дырцәеит Кындыӷ, Баслахә ақыҭақәа рҿы ҳәа аарыцҳауеит Аԥсны АҶА аҟынтәи.

Ибылуаз аҳаскьынҩоуп. Аԥсны АҶА аҿы иазгәарҭоит аԥсабаратә мцакрақәа мзызс ирымоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа.

Амца арцәара иалахәын амцарцәаратә ҟәшақәа ҩба, аиқәырхаратә ҟәшақәа акы.

Анхарҭатә сектор шәарҭа амамызт.