Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габелаиа Аԥсны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкны

Аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 1921 шықәса хәажәкыра 31 рзы Аԥсны Асоветтә социалисттә республика ҳәа ашьақәыргылара ҵакыс иамоу, уи аҭоурых аҿы иннажьыз ашьҭа атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габелаиа Аԥсны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иазкны

Аҭоурых аҿы иҟазар ауеит еиуеиԥшым агәаанагарақәа, сара саҵанакуеит март 31 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра еиҭашьақәыргылан ҳәа изыԥхьаӡо рахь ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ арадиоефир аҿы.

"Асовет мчра ашьақәыргылара иалҵшәахеит Аԥсны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларагьы. Аха иара асовет мчра Аԥсны аагара зыбзоурахазгьы еилкааны иҳамазароуп. Кьараз ҳәа иҟаз аиҿкаара зыбзоурахаз Аԥсны иҟаз аинтеллигенциа, Аԥсны аҿахәы зҳәоз, зегь раԥхьа дыргыланы Нестор Лакоба, Ефрем Ешба, урҭ ирывагылаз Аԥсны жәлар аҵеицәа, дара зегьы хықәкыс ирымаз асовет мчра ашьақәыргылара рхы иархәаны Аԥсны аҳәынтқарра аиҭашьқәыргылара акәын. Убри аҟнытә Аԥсны аҭоурых аҿы ари даара аҵак ду змоу рыцхәны иаанхоит, аҳәынҭқарра аргылараҟны. Асовет мчра ашьақәыргылара аасҭа ихадараны иҟан аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара, уи ибзианы еилыркаауан Кьараз иалахәыз", - ҳәа еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: