Гал араион ахадара аусзуҩ "Лирика" идбалоуп

"Лирика" наркотикатә маҭәашьарны иԥхьаӡаны Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ззин ыҟам ахәшәқәа ирыланакит 2018 шықәса хәажәкырамзазы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Гал араион ахадара аиурист Алмас Џьынџьал. Иара апсихотроптә маҭәашьар "Прегабалин" идбалоуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит. 

Иазгәаҭоуп Џьынџьал уи закәаншьаҭада ишааихәаз. Автотранспорттә хархәагаҟны имҩаԥгаз аԥшаарақәа иаадырԥшит 4 пластинак, 14 грамм апсихотроптә маҭәашьар зҭаз 47 капсула. 

Ахаҵа иганахьала аусҭҵаара хацыркуп анаркотикатә маҭәашьарқәеи, апсихатроптә маҭәашьарқәеи урҭ раналогқәеи закәаншьаҭада раахәаразы, рыҵәахразы, аусеиҭарыдуларазы, рымҩангаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: