Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Алҭеибеи Лагәлааи алаф иазкны

Мшаԥы акы, аччара амш азы, апоет, ажурнал "Алашара" аредактор ахада Анатоли Лагәлааи ашәаҳәаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Анатоли Алҭеибеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит аԥсуа лаф ҵар атәы, насгьы ахшыҩ згу алаф ишазыҟоу.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Алҭеибеи Лагәлааи алаф иазкны

"Иага алаф ахшыҩ агзаргьы, еилыскаауеит, ауаҩы изалымҵит ҳәа сара сизгәааӡом. Аха иҟоуп ауаа хжәақәа алаф рҳәо џьшьа угәы узырхьуа ажәақәа анырҳәо, уи уазгәааӡом, угәы унархьуеит. Алафҳәаҩ, иажәа раӡоуп, ииҳәогьы идыруеит, ауаҩы игәы иалсуагьы идыруеит", - ҳәа азгәеиҭеит Алҭеиба.

Алаф еилызкаауа иҿоуп алаф ахьырҳәо, ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа аиҿцәажәараҿы. Иара еиҭеиҳәеит хҭыск аԥсҭазаараҟынтә.

"Сара исгәалашәоит зны шьыбжьон ҳанаатәалоз, ҳла аҵыхәа ршәшәо иҳәахәаԥшуа итәон. Убри иақәыршәаны ҳгәыла дааиуан. Саб лафла уи диазҵааит абри есышьыбжьон акрашаҳфо злаудыруеи ҳәа. Ишԥасзымдыруеи, ула аҵыхәа аршәшәо ианалагалак, акрыфара шәшалаго здыруеит иҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лагәлаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.