Аӡбарҭа Ахра Аҩӡба дзыхьчоз хҩык рырбаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит

Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа ԥшьҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара аҽа мызкы ацнаҵеит, 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Убри аан аус аҽа лахәылак – Талех Гасанов иганахь ала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭымхеит.

Аӡбарҭа аверсиала Культа, Локтионов, Гуатижев, Ахра Аҩӡба, Талех Гасанов - еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа иаархәеит, Аԥсны азакәан "Абџьар азы" еилаганы Аҩӡба дахьынхоз аҭыԥ аҿы иҵәахны ирыман.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба доунамышьҭит

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.

Ахәаша, мшаԥы 2 рзы Аԥсны АШәМ ахыбраҿы имҩаԥысуеит Ахра Аҩӡба иганахь ала аусӡбара.