Аԥсны апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ахашәалақәа рдекларациа иадгылоит

Апарламент адепутатцәа хәажәкыра 31 рзы "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ариашарақәа рыдыркылеит актәи аԥхьарала.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны политикатә партиақәаки уаажәларратә еиҿкаарақәаки ахашәалақәа рдекларациа ишадгыло рҳәеит мшаԥы 1 азы имҩаԥысыз аиԥылараҿы.

Аиԥылара алахәылацәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ариашарақәеи азакәан амчра аиуреи ирылацәажәеит.

Какалиа: акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа рыдрымкылар амитинг мҩаԥгахоит

Акоррупциа иаҿагылоe азакәанԥҵара адкылараз иқәгыло активист Асҭамsр Какалиа ииашам ҳәа ахиҳәааит асиаҟынтә адекларантцәа зықәра наӡахьоу рыхшара ахьалырхыз.

"Азакәан шықәсык иҭызҵаауаз адепутатцәа адекларантцәа зықәра наӡахьоу рыхшара алырхит, убри аан адокумент еиҭа аус адулатәуп ҳәа рҳәеит. Шықәсык ашьҭахь иҟалаша здыруада – иҟалап иара адекларант ихаҭа асиа далырхыргьы. Аус нагӡаны ианадулахо аамҭазы егьырҭ аус зымуа азакәанқәа иреиԥшхозар акәхап", - ҳәа иҳәеит иара.

Какалиа иҳәеит азакәан хықәкыла идырххоит ҳәа.

Аԥсны апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ахашәалақәа рдекларациа иадгылоит

"Аус зыдулатәны иҟоузеи? Адекларациа хасырҭәааит, амц анысҵазар, сусура самырхит, ус акәымкәа смазара ахьынтәаазгаз иашан иасырбазар – проблема ыҟам. Азакәан уаҵәыҵәҟьагьы аус аур алшоит. Уаанӡатәи аԥхьарала иара мшаԥы 3 инаркны аусура иалагар акәын. Адепутатцәа ирҳәоит азакәан амч аиура иахьымӡар ҟалоит ҳәа. Шәара уи азы шәыбжьы шәҭии, ахада уи инапы ақәиҵарц жәамш иҭахны дыҟам", - ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылараҿы дықәгылеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы, аԥыхьатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Тапаӷәуа амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәала арбаразы азакәан азы: аандада агәашә ҿаҵоуп

"Чынуаҩык дӷьычит ма дымӷьычит ҳәа акәӡам азҵаара шықәгыло. Акоррупциа еиҳа иахьеиҵоу адунеи атәылақәа рреитинг ҳанахәаԥшуа иаабоит урҭ атәылақәа аҿиара ду змоу атәылақәа шракәу. Акоррупциа ҳаҿагылара иаанаго аҳәынҭқарра хра аманы иҿиаларц азықәԥароуп иаанаго", - ҳәа иҳәеит иара.

Арӡынба иара убасгьы иазгәеиҭеит аекономика аминистрс даныҟаз инаркны ари азакәан адгылара шеиҭоз.

"Ари сара еснагь иаартны салацәажәон. Напхгара зысҭоз аминистрраҿы акоррупциа иаҿагыло аусқәа рацәан –акадртә резерв, акадрқәа еиндаҭлара ралхра уҳәа ирацәаны", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.

Иара игәаанагарала азакәан аус адулареи адкылареи раамҭа арххара аҭахны иҟаӡам.

"Аҳәынҭқарратә маҵзура иахагылоу ауаҩы, имазара ахьааигаз ахыҵхырҭа ззамыртуа – дыцәгьоуҩуп. Араҟа 28 ԥхьара аҭахны иҟаӡам", - ҳәа иҳәеит иара.

Чамагәуа: азакәанқәа ишрыхәҭоу ҳрызныҟәом, урҭ рцәыргара иацу ахьӡ иаҳа ҳашьҭоуп

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иҳәеит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан, актәи аԥхьарала адепутатцәа ирыдыркылаз, Аԥсны ажәлар ринтересқәа ирықәшәаӡом ҳәа.

"Иахьа азакәан шыҟоу ала ихәарҭаӡам. Азакәан ала амаҵзурауаҩ, иҭаацәара алахәылацәа, ачынуаҩи уи иҭаацәеи рмазара, рлагала ахьынтәааргаз рҳәо иҟазароуп. Убас иҟоу азакәан ауп сара сзыдгыло", - ҳәа иҳәеит иара.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан ишадгыло рҳәеит апартиақәа: "Аԥсны", "Акзаара", "Аԥсны жәлар рпартиа", ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Аԥсуа жәлар рхеидкыла", "Аруаа", "Ахьаца".