Урыстәыла аԥынҵа иҭоуҭәо алаҵа аус адулара иаҿуп

Урыстәыла адунеи аҿы COVID-19 аҟынтә алаҵа ҭзыжьыз тәылоуп. Алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы, аинвистициақәа Урыстәылатәи рфонд ацхыраарала. Алаҵа "Спутник V" ахьыӡҵан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа аклиникаԥхьатә ԥышәарақәа рымҩаԥгара иалагеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр аҿы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ацентр адиректор Александр Гинцбург, РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.

Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит алаҵа ҿыц "Спутник Лайт"

Аексперт адырра ҟаиҵеит аҭҵаарадырратә центр ари алаҵазы апатент шаиуз, уажәы аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа шымҩаԥысуа.

Аԥынҵа иҭарҭәо акоронавирус аҟынтә алаҵа хкы ашоура, ахыхь уҳәа реиԥш иҟоу акгьы цәырнагом ианыҟарҵалак ашьҭахь, иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр адиректор Александр Гинцбург.

Гинцбург иажәақәа рыла, ари аформа аҭыԥантә хырхарҭа амоуп ҳәа. Алаҵақәа рышьҭахь ицәырҵло ахыхь, ашоурашьҭыҵра ари аформахк ашьҭахь иҟамлароуп, азгәеиҭоит аҵарауаҩ.

Уаанӡа Москва ахада асоциалтә ҿиара азҵаарақәа рзы ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Ракова илҳәеит "Спутник V" ари аформагьы ҩ-компонентктәны ишыҟало, аҳақьымцәа шракәу иҟазҵар акәу. Алаҵа "Спутник V" еиԥшхоит, аха аҭраҿы аԥынҵа аҭаҭәага ҷыда ҭарҵоит.