Аҟәеи Чебоксары аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵоит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Чувашиатәи Ареспубликахь амҩа иқәлеит мшаԥы 4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Аҟәеи Чебоксары аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Амҽыша, мшаԥы 4 рзы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Чувашиатәи Ареспубликахь амҩа иқәлеит. Мшаԥы 6 рзы рнапы аҵарҩраны иҟоуп аиқәшаҳаҭра, уи ала Аҟәеи Чебоксары аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵоит.

Чебоксары ақалақь- Чувашиатәи Ареспублика иаҳҭнықалақьуп, Урыстәыла иахәҭакуп.

Иахьатәи аамҭазы Аҟәеи хә-қалақьки аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп: Шотландиатәи ақалақь Килмарнок, Ҭырқәтәылатәи Адаԥазар, абырзен қалақь Ахарне, гваделупатәи Пуент-А-Питер, приднестровиатәи Тирасполь.