Акоронавирус зцәа иалаз ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13542-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13052-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 215-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 179-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 32-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Мшаԥы 3 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы ииз апациентка. Лара акоронавирустә инфекциа ҿыци ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи лзышьақәырӷәӷәан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 35-ҩык, урҭ рахьтә 25-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 10-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>