Аԥснытәи аспортсменцәа маланыҟәала аицлабраҿы рхы бзиаӡаны иаадырԥшит

Амаланыҟәатә еицлабра "10 Лье" мҩаԥысит Шәача, Формулы-1 атрассаҿы мшаԥы 3 рзы. Аԥснынтәи иара иалахәын ԥшьҩык аспортсменцәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аспортсменцәа Саид Аргәын, Алан Аџьба, Асҭамур Мамед-оӷлы, Константин Миланин аиԥхныҩлара "10 Лье" алидерцәа ирыцны афиниш аҟынӡа инаӡеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Мамед-оӷлы.

55 километра иҟаз аиԥхныҩлара иалахәын 150 спортсмеy. Урҭ рыгәҭа иҟан аолимпиатәии адунеитәии чемпионцәа. Константин Миланин алидерцәа рыхьӡаразы 11 секунд игхеит, Мамед-оӷлы – 16 секунд.

"Ҳара аиԥхныҩлара бзиа избо ахьҳакәу иаҿырԥшны иааҳарԥшыз арбагақәа даара ибзиоуп. Атриатлон ҳалахәхалоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны маланыҟәала аиԥхныҩларагьы мҩаԥаагоит, аха ара зынӡа аҽакала имҩаԥысуан аицлабра. Еиҳа ихьанҭан, аԥҟарақәагьы уадаҩын. Ус шакәызгьы ҳхы ақәҳаршәеит. Даарагьы ҳабзиан"? - иҳәеит иара.

Аспортсменцәа рыпланқәа иреиуоуп триатлон азы Геленџьик лаҵара 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟоу аицлабра ахалархәра.