Атуроператорцәа ирҳәеит урыстәылаа Европаҟа рцара аналшо атәы

Мшаԥы 1 инаркны Урыстәылеи Кипри, Германиеи, Венесуелеи, Шьамтәылеи, Таџьикистани, Узбекистани Шри-Ланкеи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа адиректор Маиа Ломиӡе агазеҭ "Известия" аинтервиу аҭо илҳәеит урыстәылатәи атуристцәа ҭагаланынӡа Европа атәылақәеи Алада-Мрагыларатәи Азиа атәылақәеи рахь изымнеир шалшо.

Атуроператорцәа еиҭарҳәеит сынтәатәи аԥхынразы Аԥсны аԥсшьара заҟа иаԥсахо

Лара лажәақәа рыла уи зыдҳәало Европа аепидемиатә ҭагылазаашьеи локдаунқәеи роуп.

"Иоптимисттәу азыԥхьагәаҭара аартра ҟалап ҳәа ҭагалан ауп, иписсимисттәу –2022 шықәса алагамҭа", - лҳәеит Ломиӡе.

Европа аартра иара убасгьы алаҵаҟаҵара акыр иадҳәалоуп, убри аан Израиль шамахамзар зегьы алаҵа шыҟарҵазгьы атуризм азы иаркуп.

Ломиӡе иара убасгьы далацәажәеит Мрагыларатәи Азиа атәылақәа раартра атәы. Лара лгәаанагарала атуристцәа рзы арҭ атәылақәа аартхар алшоит ҭагалан ма аӡынразы.

Урыстәылатәи атуроператорцәа ргәаанагарала 2021 шықәсазы Аԥсны аԥсшьара 20% рыла ахәԥса еиҵахоит Адлер аасҭа, 25% – Ҟрым аасҭа.