"Амшынеиқәафымцамч": "Кавкасиони" Қырҭтәыла аҵакыраҿы иԥхасҭоуп

Аԥсны авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" рҟны иҟалаз авариа иахҟьаны алашара аиура аԥкыра аларгалеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" ааха аиуит Қырҭтәыла иахьаҵанакуа Чубертәи ахыҵырҭаҿы, аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

"Амшынеиқәафымцамч" алашара аиуразы аԥкырақәа ралагалара ахҳәаа анаҭеит

Асыԥса леира иахҟьаны ацәаҳәақәа аҵла рықәҳаны иԥҵәеит.

Қырҭтәылатәи авариатә маҵзурақәа аремонт иалагахьеит.

Аԥснытәи аенергетикцәа ирыгәҭакын аҭыԥ иахыԥрааны агәаҭара, аха аԥҵәарҭа анырыԥшаа иаангылеит.

Мшаԥы 6 рзы авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьоуп, ареспублика аенергосистемаҿ 100 мегаваттк адефицит ҟалеит. "Амшынеиқәафымцамч" аԥкырақәа аланагалеит: ес х-сааҭки х-сааҭки рыбжьара сааҭк-сааҭк алашара дырцәалоит.

Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы. Убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ЕгрыГЕС аҟынтәи ажьырныҳәа 20 рҟынӡа алашара роуан. 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп.