Анқәаб ичымазара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб хәажәкыра 18 рзы москватәи ахәышәтәырҭаҟынтә дылырҩааит. Александр Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәит акоронавирус аҟынтәи аҽыхәышәтәреи ареабилитациа данахыс ашьҭахь хәажәкыра 31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра рхада Александр Анқәаб ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, аҳақьыымцәа ирҳәо иацныҟәаларц. Анқәаб иааԥхьамҭа Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы икьыԥхьуп.

Иара иазгәеиҭеит аханатәгьы акоронавирустә инфекциа ашәарҭара шаҵаз агәра шигоз.

"Акоронавирустә инфекциа акыр ишәарҭоуп, иацу ауадаҩрақәагьы ҳаракуп. Убри азы зегьы иаҳуалԥшьаны иҟоуп ҳааигәа-сигәа иҟоу ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы макьаназы изиааим аепидемиа ҳҽацәахьаҳчаларц. Ҳазагь жәҩеибаркыла ҳҽазышәароуп апроблема аиааира алзыршо", - иҳәеит аԥыза-министр.

Александр Анқәаб игәабзиара аҭагылазаашьа хьаас измаз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 5 рзы иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь иӡбан иара ихәышәтәра Москва иациҵарц азы.

Александр Анқәаб Аԥсныҟа дхынҳәит акоронавирус аҟынтәи иҽыхәышәтәра ашьҭахь

2020 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла ФМБА Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ахь диаган акоронавирустә инфекциеи ҩ-ганктәи аполисегментартә гәаҵәкреи иманы. Иԥсыԥлагаҩагара уадаҩын, уи адагьы ахәышәтә гепатит аҟазшьақәа идбалан. Аселективтә плазмофильтрациа изун.

Ажьырныҳәа 17 рзы Александр Анқәаб иԥсабаратәымкәа арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылан. Ажьырныҳәа 25 рзы иара иҭагылазаашьа еиӷьхеит. Жәабран 15 рзы адырра ҟаҵан иара аинтенсивтә терапиа апалатаҟынтә астационар ахь диаргеит ареабилитациатә курс амҩаԥгаразы ҳәа.

Аамҭала аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡоит Владимир Делба.