Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа 40 нызқь аџьаԥҳаны нырхит Аԥсны ашьхақәа рҿы рҽазыҟаҵараан

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын абаза аԥшыхәыҩцәа 200-ҩык, 30 ак арратә техника, акәылӡы зқәу атранспортерқәа БТР-82АМ, акәылӡы зқәу аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор", амашьынақәа КамАЗ "Мустанг".
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Ашьхатә полигон Ҵабал алагертә ҽеизакра аан аԥшыхәратә ҟәшақәа рыррамаҵзурауаа 40 нызқь аџьаԥҳаны рхы иадырхәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа Амшын еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы "аӷа" идронқәа ҭадырхеит

Аԥшыхәцәа БТР-82АМ аҟынтәи аснаипертә винтовкақәа "Винторез", апулеметқәа "Печенег", автоматқәа АК-74М рыла ихысуан.

Уи адагьы аҽазыҟаҵарақәа раан агранатақәа РГД ыршәны "аӷа" ицәҟьарақәа 500 ԥыржәеит.

Иара убасгьы аԥшыхәра амҩаԥгара атактикақәа аус рыдулан: ашьхараҿы абнаратә ҭыԥқәа рҟны аԥыԥшырҭа ҭыԥқәа реиҿкаашьа рҵон, напышьашәалатәи аилалара мҩаԥыргон, аҭыԥ арельеф рхы иархәаны рҽыҵәахны уахынла иԥхьон.

Иара убасгьы аруаа ҩ-ганктәи адиверсиаҿагыларатә тактикатә ҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит.

Аруаа иддырҵеит аԥшыхәра атехникатә хархәагақәа– алазертә приборқәа, арадиолокациатә станциақәа СБР-3, аимадареи анавигациеи рцифратә шьақәгылақәа "Грот-М" рхархәашьа.

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аԥышәа змоу абаза аинструкторцәа рнапхгарала.