Арадио

Аҟәысба Багаԥшь Ҭырқәтәылаҟа инеиразы: ара иқәынхо ҳажәлар пату рзақәуп иахьагьы

2011 шықәса мшаԥы 7 рзы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Ҭырқәтәыла днеит. Уи иныҟәара иалагӡаны имҩаԥысыз аиԥыларақәа, ныррас иҟарҵаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.
Sputnik
Аҟәысба Багаԥшь Ҭырқәтәылаҟа инеиразы: ара иқәынхо ҳажәлар пату рзақәуп иахьагьы

"Ара иқәынхо ҳажәлар рзы уи ҭоурыхтә мшын. Уи аԥхьа актәи ахада Арӡынба даҭаахьан, аха уи акыр шықәса ахылахьан. Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназхаҵаха, егьырҭ адунеи аҳәынҭқаррақәа реиԥш, иаарылыҳәҳәо ианыҟала ашьҭахь аԥхьа иааз ахада иакәын (Багаԥшь- аред.) азы, хҭыс дууп ҳәа ҳхәыцуан, иахьагьы ҳажәлар рзы пату ақәны иҟоуп", - азгәеиҭеит Аҟәысба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: