Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны

© FotoСергей Багапш
Сергей Багапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа иҵит жәшықәса. Уи игәалашәара аҳаҭыразы ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа изылкыз анҵамҭа.

Аԥсны, аԥсуа дгьыл, аԥсуа жәлар ахааназгьы ибеиан. Ибеиан ҳәарада ԥсабарала, гала, шьхала… Аха зегь раасҭа ибеиан уаала, доуҳала, ҟәыӷарыла. Жәытә-натә аахыс ара аҳаҭыр дуун ауаҩра, аԥсуа икодекс хада - аламыс. Азқьышықәсақәа, ашәышықәсақәа ирылыхәхәа иаауа ажәабжьқәа, ашәақәа, алегендақәа реиҳарак зыхҳәааугьы абри ауп. Аха аҩыра ахьҳамамыз азгьы заҟа ирацәаҩузеишь аҭоурых аӡыблара зыхьӡқәа ҳцәагаз. Егьаҩ ҿырԥшыганы ҳадгьыл иқәын…

Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы зыжәлар рхьаа зхьаау, ирыдгылоу, ирывагылоу рыхьыӡқәа ԥхьаҟатәи аҭоурыхқәа, абиԥарақәа ирзынхоит. Уи насыԥуп зқьышықәса рышьҭахь аԥсуадгьыл иқәынхо аԥсуа изы. Иаашьҭыхны дрыԥхьалап аҩырақәа, дрыхәаԥшлап аҭыхымҭақәа – иеиҵеиааӡалап ихшара иахьатәи ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа рҿырԥшала. Ирызҳалап аԥсуаа аԥсуадгьыл аҿы. Еизҳазыӷьалап. Уи ус шакәхо агәра згарц сҭахуп… Мап, агәра згоит! Анцәа ду иџьшьаны ус акәхоит!

Сергеи Багаԥшь... Уи ижәла, ишьҭра аханатә аахыс ахьӡ-аԥша змаз ауаа рылиаауан. Унеишь-уааишь ҳәа рарҳәон адунеи амаа зкыз. Иахьынхацәаз ԥырхагак рнамҭацызт, избанзар акы - анхаҩы Аԥсны еснагь аҳаҭыр ду даԥсан, ҩбагьы – ахшыҩи адырреи ирыҵадырӡуан акыр ихыҭхәыцыз асоциалтә еиҟарамрақәа.

© Foto / из архива семьи БагапшАԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь

Ибзианы исгәалашәоит ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа. Ахааназ аӡәы зхы дықәызмыртәацыз аԥсуаа аамҭа-аамҭала усҟантәи аамҭа ирзаанагоз ауадаҩрақәа ирҿагылон, рҟәаҟәа иқәтәарц зҭахызгьы нхьыдыҩруан.

Ибзианы исгәалашәоит 1989-тәи ашықәс. Мҽышан. Аԥсны ахы-аҵыхәа иалаҩит аԥсуааи ақырҭқәеи еиҿагылт ҳәа. Ари аҭагылазаашьахь мышкызны ишкылнагоз зегьы ирдыруан, ирбон, аха еивысырҭак шԥаҟамлари ҳәа игәыӷуан.

Аԥсныҟа амҩа иқәлеит 30 нызқьҩык рҟынӡа зхыԥхьаӡара наӡоз ақырҭцәа, аратәи ақырҭцәа ирыдгыларц, еснагь ргәы иҵхоз нарыгӡарц. Еихышәшәа-еиԥышәшәа Аалӡга аӡиас ахықәаҿ еизеит ашәарыцага шәақьқәа ирыҵагылаз аԥсуаа.

© Foto / из архива семьи БагапшСергеи Багаԥшь ашәарыцараан
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Сергеи Багаԥшь ашәарыцараан

Абри аҭагылазаашьаҿы араион аиҳабы иаҳасаб ала, апатриот иаша ишиаҭәаз еиԥш, Сергеи Уасил-иԥа хьаҳәхьачарак ҟамҵакәа ижәлар рыхьчара дгылеит. Усҟантәи аамҭазы уи аҩыза ихымҩаԥгашьа иара изы даара ишәарҭахар алшон. Аха усеиԥш акгьы дазымхәыцӡакәа ақырҭуа шовинизм аҿагылараҿы напхгара ҟаиҵеит. Ари аҭагылазаашьа ахаҵара аарԥшра аҭахын. Уи иара илиршеит. Сергеи Уасил-иԥа иусурҭаҭыԥ, ипартиатә лахәылара рцәыӡра адагьы иԥсҭазаара ахаҭагьы ицәыӡыр алшон… Аха уи иазхәыцтәны имшьеит усҟан азы. Ҳәарада, 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа рышьҭахь Сергеи Багаԥшь иусура дамхын.

Ари иԥсҭазаараҟны дзықәшәақәаз рахьтә хҭыс заҵәык ауп, аха инеидкыланы дзакәыз аанарԥшуеит.

© Foto / ВЛАДИМИР ПОПОВСергеи Багаԥшь Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы нанҳәа 26, 2008 шықәсазы - Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа аҽны
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Сергеи Багаԥшь Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы нанҳәа 26, 2008 шықәсазы - Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа аҽны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иара дыззырхаз аус аҿы иԥышәа ахархәара аҭаны ашьаарҵәыра илагылаз ижәлар дрыцхраауан. Иҳәатәуп зны-зынла абџьар акра аасҭагьы ла иамбоз аусқәа ирылшоз анеиҳахоз. Иҳәатәуп урҭ аусқәагьы афырхаҵараҵәҟьа шырҭаххалоз.

Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл амаҵ азура иазкын. Атәыла аԥыза-министрс даныҟаз аума, ахадас даныҟаз аума – иара изы зегьы ирыцкыз Аԥсны аизҳазыӷьара акәын.

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергеи Багаԥшь, Дмитри Медведев, Едуард Какоиты Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵара ашьҭахь
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Сергеи Багаԥшь, Дмитри Медведев, Едуард Какоиты Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵара ашьҭахь

Дыҟамзар ҟалап аԥсыуак, иажәа ҟәанда змаҳацыз. "Мои золотые" – абар иара зегь раасҭа бзиа ибаны ииҳәоз. Ари баша цәажәарамызт.

Инаԥшьба: Сергеи Багаԥшь Кремль дышрыдыркылаз абара акыр иаԥсан>>

Дыздыруаз, дызгәалашәо зегьы ражәа аҟәандара алыжжуеит иӡбахә анырҳәо. Ари еиҳау иҟоузеи аԥсҭазаараҿы! Ажәлар шамахамзар ус баша рыбзиабара узаахәаӡом, иуоуӡом.

© Foto / Владимир ПоповАԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи
Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа: Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи

Ихьаауп, даара ихьаауп ҳаԥсуадгьыл иреиӷьӡақәоу ахьацәыӡуа. Заҟа иаҳҭахузеи урҭ иахьа?! Заҟа ҳгәы ҟанаҵарыз Сергеи Багаԥшь иччаԥшь. Заҟа гха ҳрыхдырԥарыз иажәа ҟәышқәа. Заҟантәгьы игәымшәара, ихаҵара ҳаззымиааиқәаз ҳариааиртә еиԥш рылдыршарыз. Заҟантә… Заҟантә…

Изыбымбылыз Џьгьардатәи адгьыл.

Валери Багаԥшь: Сергеи Багаԥшь игәгьы, иԥсгьы, ихгьы Џьгьардоуп иахьыҟаз>>

Ирҳәоит ауаҩытәыҩса дыззыҳәо зегь адунеитә ҵакыра иазцаны адгьыл ахь ихынҳәуеит ҳәа. Ҳиҳәап нас Анцәа ду ҳтәыла ахааназ иагымхаларц Сергеи Багаԥшь иеиԥш зеиԥшу аԥацәа…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0