Ажурналистцәа рыбжьара имҩаԥырго Левитан ихьӡ зху аконкурс жәларбжьаратәхеит

Аицлабра мҩаԥысуеит ԥшь-номинациакны: автортә телехәаԥшратә программа, автортә радиопрограмма, аудиоподкаст, авидеоблог.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Ажурналистцәеи аблогерцәеи рзы амедиагәыԥ "Россия сегодня" аицлабра "Ҳаамҭа афырхаҵа" жәларбжьаратәхеит: аусумҭақәа аарышьҭуеит Урыстәылеиԥш Белоруссиа, Киргизиа, Узбекистан рҟынтә ҳәа рҳәоит аиҿкааҩцәа.

Аиҳарак аусумҭақәа аарышьҭуеит аноминациақәа "автортә телехәаԥшратә программеи", "авидеоблоги" рахь.

"Левитан еиԥш иаҳҳәоит" аконкурс аихшьаалақәа мҩаԥысит

"Аицлабраз иаарышьҭуа аусумҭақәа амедиа аҿиара бзианы иаадырԥшуеит. Авидео усумҭақәа рырацәара иаанарԥшуеит ари аформат аҿиара ҭбаа шамоу", - иҳәоит аицлабра ажиури алахәыла Алексеи Орлов, Sputnik урыс бызшәала иҭыҵуа арадиодырраҭарақәа рнапхгаҩы.

Иара иҳәоит авторцәа ржурналисттә ҟазара, аемоциақәа шаадырԥшуа, атема аартра шрылшо, абызшәа рхы ишадырхәо уҳәа ахәшьара шарҭо.

Ашорт-лист ркьыԥхьуеит рашәара 15 рзы апроект адаҟьаҿы. Иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәахоит 2021 шықәса рашәара 24 рзы онлаин-форматла.

Аицлабра мҩаԥысуеит ԥшь-номинациакны: автортә телехәаԥшратә программа, автортә радиопрограмма, аудиоподкаст, авидеоблог.

Арзаҳалқәа рыдыркылоит 2021 шықәса лаҵара 5 рҟынӡа апроект адаҟьаҿы – асаит ria.ru.

Номинациа-цыԥхьаӡа 80-80 нызқьмааҭ аԥхьахә азы иақәуп.

Ажиури алахәыла Алексеи Орлов еиҭеиҳәеит аусумҭақәа реиҳарак ахамеигӡара, аицхыраара, аҭибагара, аиҳаракгьы COVID-19 аамҭазы – ишрызку.

Sputnik Аԥсны арадиоеиндаҭлара "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" аҽаланырхәуеит

Иара игәаанаграла аусумҭақәа иуеилдыркаауеит ауаажәларратә гәаанагарала иахьазы ифырхаҵан иԥхьаӡо зусҭцәо. Урҭ – ауаа амцеи аӡи ирылызго, ача лазҵо, иаазрыхуа, ачымазарақәа ирҿагыло, зыхгьы зҩызцәагь ирыцхраауа роуп.

Аконкурс ахь иаашьҭу аочеркқәа, аинтервиуқәа ирфырхацәоуп аспортсменцәагьы – аолимпиатәии апаралимпиатәииқәа, азыҟаҵаҩцәа, апрограммақәеи атехнологиақәеи аус рыдызуыло, аҳақьымцәа коронавирус иаҿагыло, "азона ҟаԥшь" аҿы аус зуа астудентцәа.

Аицлабра хацыркхеит "Совинформбюро" 80 шықәса ахыҵра аламҭалаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра аҩбатәи амш азы зшьапы зкыз "Совинформбюро" хыҵхырҭаны ироуит иналукааша жәларбжьаратәи ажәабжьтә маҵзурақәа: Акьыԥхьтә маҵзура "Новости", РИА Новости, Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня".

Жәларбжьаратәи Аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" — жәларбжьаратә медиагәыԥуп. Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарҭбааны, оперативла, ишәаны-изаны иазнеины иаанарԥшуеит. Амаҵзура иара убасгьы аԥыжәара амоуп урыстәылатәи асоциалтә ҳақәеи аблогқәеи рҟны аиҭаҳәарала.