Чебоксарынтәи Аԥсныҟа аалыҵ аекспорт 70 миллион доллар рыхә итәоит

Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ақалақь ахадара аделегациа Чувашиатәи ареспубликахь инеиит мшаԥы 4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. 2020 шықәсазы Чебоксарынтәи Аԥсныҟа аалыҵ аекспорт 70 миллион доллар рыхә итәоит. Абри атәы азгәаҭан Аҟәа аделегациеи Чувашиатәи ареспублика анаплакыҩцәеи реиԥылараан.

Чебоксар ақалақь анаплакқәа Аԥсныҟа иаарышьҭуеит рекспорттә аалыҵ аҟынтәи х-процентк рҟынӡа, агроааглыхратә, акәац-ахш лыхқәа, аликиор зауад атауар, ашьаҳариа-кондитертә фабрика аалыҵ, аҵааршә уҳәа назлоу.

Чебоксарыи Аҟәеи аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа иӡыригеит Аҟәа аинвистициатә лшарақәа рыпроект, далацәажәеит аекспортерцәеи аинвесторцәеи ирзаԥҵоу ашәахтә ҭагылазаашьа.

Чувашиа ААП 400 лахәыла амоуп. Абизнесуаа Аҟәа аинвистициатә лшара аинтерес шьҭыхны иазҵаауан, аха убри аан ирҳәон аҭыԥантәи абизнес алегалра агәра ганы иҟазар шакәу.

Беслан Ешба иҳәеит иарбанызаалак анаплакы аусуразы аинформациа аиура шауа Аҟәа ахадараҿ иҟоу аекономикатә ҿиара Адепартамент аҿы ма Аԥсны ААП аҟны.

Абизнесуааи дареи реиԥылара ашьҭахь аделегациа Урыстәылазегьтәи анаука-ҭҵааратә институт Расходметриа иаҭааны ирбеит уа иҭрыжьуа аалыҵ.

Иара убасгьы аделегациа атрактор Амузеи иаҭааит. Уа иахәаԥшит аҵлақәа реиҭаҳаранӡа амҩақәа зрыцқьо амодель. Беслан Ешба хаҭала иара ахаҭабзиара гәеиҭеит.

Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ақалақь ахадара аделегациа Чувашиатәи ареспубликахь инеиит мшаԥы 4 рзы.