Қырҭтәыла аҵакыраҿы авольтҳарак "Кавкасиони" авариа аҭыԥ иқәҵоуп

Мшаԥы 6 рзы Аԥсны авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" рҟны иҟалаз авариа иахҟьаны алашара аиура аԥкыра аларгалеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Қырҭтәыла аҵакыраҿы авольтҳарак "Кавкасиони" авариа аҭыԥ иқәҵоуп ҳәа Sputnik адырра арҭеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҟынтә.

"Аха макьаназы аԥкыра шыҟац иаанхоит мшаԥы 7 асааҭ 22:00 рҟынӡа, Урыстәыла аҵакыраҿы авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" рҿы арегламенттә усурақәа ирыхҟьаны", -рҳәеит апресс-маҵзураҟны.

Аԥсны афымцалашара аиуразы аԥкырақәа алагалоуп

Мшаԥы 6 рзы авольтҳарак цәаҳәақәа "Гьачрыԥшь", "Кавкасиони" Урыстәыла аҵакыраҿы иҟалаз авариа иахҟьаны русура еиԥҟьеит, ареспублика аенергосистемаҿ 100 мегаваттк адефицит ҟалеит. Абри инамаданы "Амшынеиқәафымцамч" аԥкырақәа аланагалеит.

Анаҩс ишьақәыргылахеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" ааха шаиуыз Қырҭтәыла иахьаҵанакуа – Чубертәи ахыҵырҭаҿы.

Аԥснытәи аенергетикцәа ирыгәҭакын аҭыԥ иахыԥрааны агәаҭара, аха аԥҵәарҭа анырыԥшаа иаангылеит.

Аԥсны Урыстәылантә алашара аиура иалагеит ԥхынҷкәын 11 рзы. Убри аан Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа ЕгрыГЕС аҟынтәи ажьырныҳәа 20 рҟынӡа алашара роуан. 2020 шықәса жәабран-мшаԥы амзақәа рзтәи ахархәаразы Аԥсны Урыстәыла аҿаԥхьа афымцалашара аиураз 619 миллион мааҭ ауал ақәуп.