АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афымцалашара аҭаҩга ҿыцқәа Аԥсны рықәыргылара иалагеит 2019 шықәса рзы. Уи аахыс 500 инарзынаԥшуа аҭаҩга-аппаратқәа ықәдыргылахьеит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭоз "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
"Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвистициатә программа анагӡаразы атрансформаторқәа, амагистралтә цәаҳәақәа, аҭаҩга-аппаратқәа ззықәдыргыло абонентцәа рахь иназго ацәаҳәақәа рыԥсахра азыԥхьагәаҭан", - иҳәеит иара.
Аинвестициатә программала 2020 шықәсазы афымцамч аиӷьтәраз иазгәаҭан араионқәа хԥа: Гагратәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи - иҳәеит Блабба.
"Уажәазы ахыркәшарахь инеиуеит Ӷәада ақыҭантәи амагистралтә цәаҳәақәа рыԥсахра, иԥсахуп аҭаҩратә хархәагақәа. Асмета иарбаз инахырҳәҳәаны "Амшынеиқәафымцамч" амчала иара абри ақыҭаҿ хә-километрак рҟынӡа амагистралтә ҳақәа аремонт рызуын, 160 абонент рахь инеиуа амҩангагақәа ԥсахын. Иара убасгьы иқәыргылан адистанциатә ҭаҩга-хархәагақәа", - иҳәеит аҟазауаҩ.
2020 шықәсазы Аинвестпрограммала инагӡатәу аусурақәа 20 миллион мааҭ рыхҭынҵан.
"Аусура хадақәа ашықәс ҿыцынӡагьы ҳрылгахьан, иацҵатәны иҟаз аусурақәа "Амшынеиқәафымцамч" амчала инагӡан. Очамчыратәи араион аҿы ақыҭақәа Ӷәада, Лабра рҿы, Тҟәарчал араион аҿы – ақалақь иаԥну ахәҭа. Ара аремонт азуын авольтҳарак цәаҳәа "Оқәым". Гагра ақалақь аҿы иқәыргылан атрансформатортә станциа маҷқәа быжьба, атрансформатор ҿыцқәа хәба", - иҳәеит иара.
Ацәаҳәа ҿыцқәа рымҩангара мҩаԥысуан иҟоу ажәытәтәиқәа инарываргыланы. Убри азы ауааԥсыра уадаҩрада еилгеит ҳәа иҳәеит Блабба. Иара иажәаәқа рыла афымцамч ахаҭабзиара аиӷьтәра ԥхьаҟагьы иацҵахоит.