Очамчыратәи ашкол-интернат акоронавирус иахырҟьаны иадыркит

Очамчыратәи ашкол-интернат акоронавирус иахырҟьаны иадыркит мшаԥы 7 рзы акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мшаԥы 14 рҟынӡа Очамчыратәи ашкол-интернат акоронавирус иахырҟьаны иадыркит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҵара аминистрра азеиԥши апрофессионалтәи ҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.

Гәдоуҭатәи араион ашколқәа руак аҟны COVID-19 иахырҟьаны акарантин рылаҳәоуп

Лара лажәақәа рыла асеиԥш аӡбра рыдкылан арҵаҩцәа ҩыџьеи ааӡаҩцәа хҩыки акоронавирус анрыдырбала ашьҭахь. Уи адагьы ичмазаҩхеит ахәбатәи акласс аҵаҩыки ажәбатәи акласс аҵаҩцәа ҩыџьеи.

Мшаԥы 5 рзы ачымазара иахырҟьаны акарантин адҟаҵалан Бамборатәи абжьаратә школгьы.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13645-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13101-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 217-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: