Аԥсни Урыстәылеи рыруаа атәылаҿы иҟоу 30 мемориал акәша-мыкәша еиҿыркаауеит

Есышықәса урыстәылатәии аԥснытәии аруаа абаҟақәа реиҭашьақәыргылареи ррыцқьареи рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу абаза аруаа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 76-шықәса ахыҵра аламҭалаз 30 рҟынӡа баҟа рҭыԥ иқәырҵараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аԥсни Урыстәылеи рыруааи аволонтиорцәеи рҭыԥ иқәырҵоит аруаа рыԥсыжырҭақәа, абаҟақәа, абиустқәа, апостаментқәа дрыцқьоит, еиҭашьақәдыргылоит, иара убасгьы архитектуратә комплексқәа –асовет ар Кавказ риааирақәа символра рзызуа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны аиааира 76-шықәса ахыҵра Амш аҽны аррамаҵзурауааи ркомандаҟаҵаҩцәеи ашәҭқәа шьҭарҵараны иҟоуп ирҿыцу амемориалқәа рҿаԥхьа.

Есышықәса урыстәылатәии аԥснытәии аруаа абаҟақәа реиҭашьақәыргылареи ррыцқьареи рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аҭоурыхтә гәалашәара анаӡаӡатәразы.