Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа раан амилициаа хылаԥшра ҟарҵоит

Алхрақәа рымш аҽны Аԥсны амҩатә ныҟәара ашәарҭадара абжьааԥнык еиԥшымкәа иахылаԥшуеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә еилазаара русура еиҳагьы идырӷәӷәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рымш аҽны - мшаԥы 11 рзы, абри азы адҵа ҟаиҵеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭара иалагеит

Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит ауаажәларратә шәарҭадара ахьчарази аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхраан алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны аилагарақәа ҟамларази. Азинеиҿкаара ахьчара зду амчқәа зегьы рыдҵақәа рыманы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп.

Амилициа аусзуҩцәа алхратә комиссиақәа ирыцхраалоит атәылауаа азин еиларымгарц азы рхылаԥшраан, ауаажәлартә зинеиҿкаара ахьчараан. Иара убас амҩатә гыҟәараан ашәарҭадара иахылаԥшуеит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа аҭакԥхықәра рыдуп атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҿы алхратә ҭыԥқәа зегьы рҟны азинеиҿкаара ахылаԥшразы.