Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит мшаԥы 12 хәылбыҽханӡа

Аӡыржәтә аиуразы аиԥҟьарақәа аҭыԥ роуит Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы Чалмаз имҩаҿы аӡымҩангага ахьыԥжәаз иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы Чалмаз имҩаҿы аӡымҩангага ахьыԥжәаз иахҟьаны асааҭ 18:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал".

Иара убасгьы иазгәаҭоуп аӡы ақалақь агәаҿтәи аҩнеихагылақәа рҟны аҵыхәтәантәи аихагылақәа рахь ишызхамло.

"Аӡыканал" ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭанаҵоит иҟоу аҭагылазаашьазы.