Амина Аншԥҳаи Панна Удвардии аҽа турнирк аҿы аиааира ргеит

Амина Аншԥҳаи илыцықәгыло Панна Удвардии уаанӡагьы аԥқьаҭасразы атурнирқәа рсериа ITF W25 аҟны аиааира ргахьан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳаи венгриатәи аԥқьаҭасыҩ Панна Удвардии аргентинатәи Кордобе имҩаԥысуаз атурнир ITF W25 аҿы аиааира еиҭаргеит.

Афиналтә хәмарраан аспортсменкацәа Барбара Гатикеи – Чили, Ребека Переируи – Бразилиа ириааит 6:3, 6:3 ҳәа.

Амина Аншԥҳа Аргентина ҩыџьа-ҩыџьалатәи аԥкьаҭымпылтә турнир аҿы аиааира лгеит

Амина Аншԥҳаи илыцықәгыло Панна Удвардии уаанӡагьы аԥқьаҭасразы атурнирқәа рсериа ITF W25 аҟны аиааира ргахьан.

"Амина илылшон арҭ аицлабрақәа рҟны аԥхьатә ҭыԥ аанкылара аха афиналбжаҿы Панне Удварди длыҵахеит", - аҳәоит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы адырраҭараҿы.

Уаанӡа атурнир ITF актәи аикәшараҟны Аргентина Амина Аншԥҳа аԥқьаҭасратә ҭоурых аҿы зыноурылара хԥатәиу ахәмарра мҩаԥылгеит.