Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 30-ҩык ауааԥсыра

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13721-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13274-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 217-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 261-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 30-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 42-ҩык, урҭ рахьтә 27-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 32-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 9-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аҿкычымазара зыдбалоу уаҩ дышьҭаӡам.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>