Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Амҷба Гал аҭыԥантәи алхрақәа рылҵшәа иазкны

Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игор Амҷба аҭыԥантәи алхрақәа рымҩаԥысшьа ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысуан мшаԥы 11 рзы.

Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Амҷба Гал аҭыԥантәи алхрақәа рылҵшәа иазкны

"Алхрақәа мҩаԥысит азакәан ишаҵанакуа ала, аилагара ҳәа џьаргьы иарбаӡам. 11-ҩык адепутатцәа рахьынтә 10-ҩык алхуп. Иахьа алхратә комиссиа еилатәеит, апротокол шьақәҳаргылеит, алхырҭатә ҭыԥқәа 10 рҿы алхрақәа мҩаԥысит ҳәа, џьарак аиҭалхрақәа ҟаҳҵарц аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Алхрақәа ахьзымҩаԥымсыз аокруг аҿы хҩык акандидатцәа иқәгылаз рахьынтә ҩыџьа еиҟараны абжьы роуит. Аокруг аҿы зынӡа 45% алхыҩцәа неит, ҩыџьа ироуит 18-18 бжьы. Ҽаӡәы илоуит 14. Иҭаршәыз рахьынтә ҩ-биуллетенк ԥхьаӡан ииашаӡам ҳәа, егьырҭ зегьы иашан. Ҩымчыбжь рышьҭахь еиҭа имҩаԥгахоит алхрақәа, еиҭа урҭ ахҩык акандидатцәа алырхәны. Акандидатцәа зегьы акомиссиа иаднакылаз ақәҵара иакәшаҳаҭуп, акомиссиа иалахәыз рҟнытә ҩыџьа аҿагылеит ас еиԥш аӡбамҭазы азҵаара анықәгылаз, аӡәы инапы дымҩахаӡеит, ԥшьҩык адгылеит, еиҳарыла алхрақәа абас имҩаԥгатәуп ҳәа ақәҵара ҳадаҳкылеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Амҷба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: